Скотланд-Иард Скрипальраа рус иалахәу ахԥатәи изы: аусҭҵаара иацҵахоит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГород Солсбери в Великобритании, где были отравлены С. Скрипаль и его дочь
Город Солсбери в Великобритании, где были отравлены С. Скрипаль и его дочь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Британиа иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа иагәҭакуп Сергеии Иулиеи Скрипальраа ргәабзиараз аинформациа аиура.

АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik. Британиатәи аполициа Солсберитәи ахҭыс хырхарҭа рацәала аҭҵаара иаҿуп. Аус адырулоит ахҭыс иалахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу зегь рышьақәыргылара. Абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Лондонтәи аполициа ахаҭарнак.

Уаанӡа, агазеҭ Daily Telegraph аҟны икьыԥхьын Лондон агәаанагарала Солсберитәи ахҭыс иалахәу ҳәа агәаанагара ззыҟоу ахԥатәи ахаҿы иӡбахә.

Британские эксперты в Солсбери рядом с местом, где был найден Сергей Скрипаль и его дочь - Sputnik Аҧсны
"Скрипальраа рус аҿы" ахаҿ ҿыцқәа рыӡбахә цәырыргеит

Ари ауаҩ Сергеи Федотов ихьӡуп. Агазеҭ аинформациала иара Британиаҟа дааит Лондон агәаанагарала ГРУ аусзуҩцәа Александр Петрови Руслан Боширови анааз аҽны. Федотов дара Москваҟа излаԥрыз ареис аҟны дҭаҩын аха аҵыхәтәаны иара аԥырра мап ацәикит.

"Британиатәи аполициа Солсберитәи ахҭыс хырхарҭа рацәала аҭҵаара иаҿуп. Аус адырулоит ахҭыс иалахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу зегь рышьақәыргылара", - ҳәа иҳәеит амаҵзура ахаҭарнак.

Сергеии Иулиеи Скрипальраа хәажәкыра 4 рзы Солсбери ашҳам рыҭан. Ахҭыс жәларбжьаратәи ахцәажәара ахылҿиааит. Лондон — иҟалаз Москвоуп изыхҟьаз аҳәеит. Москва уи мап ацәнакуеит.

Цәыббрамза алагамҭазы Скрипальраа ахәшә рызҭаз ҳәа рыхьӡ рҳәеит Александр Петрови Руслан Боширови. Москва Лондон ахь ааԥхьара ҟанаҵеит аҽыԥныҳәаҟаҵара аасҭа аусеицурахь ииасырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0