Шоигу ҳаамҭазтәи аибашьрақәа рымҩаԥысшьа аҽшаԥсахуа атәы далацәажәеит

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинистр обороны РФ Сергей Шойгу
Министр обороны РФ Сергей Шойгу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла иаакәыршаны иақәмақаруа анырацәахо аамҭазы арбџьар мчқәа азыҟаҵаны иҟазароуп иҳәеит атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.

АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Уаанӡа аӷа ҳәа иуҿагылаз ихы иаирхәоз ар ракәзар, уажәы аибашьраҟны аҵак ду рыманы иҟоуп аԥшыхәратә системақәа, арадеоелектронтә ҿагылара реиԥш иҟоу абџьартә хархәага ҿыцқәа ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла арбџьар мчқәа роперативтә-мобилизациатә напхгара реизараҿы атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.

Аминистр иажәақәа рыла, ҳаамҭазтәи аибашьра аҟазшьақәа ахьаԥсахуа убартә иҟан Шьамтәылатәи аимак аан. Ари арбџьари рнапхгараҟаҵара ииасуеит аинформациа-напхгаратә система ахархәарахь - иҳәоит аминистр.

"Афактор ҿыцқәа анырра ахьыҟарҵо инадҳәаланы аибашьра аҟазшьа аҽаԥсахуеит, акомандаҟаҵаҩцәа, аштабқәа рус аҿы аелемент ҿыцқәа ахархәара роуеит", - ҳәа аминистр иажаәқәа аанагоит РИА Новости.

Шоигу игәаанагарала, абасеиԥштәи аҭагылазаашьаҿы анапхгара адырра ҵаулақәа рымазароуп, уи адагьы аҿыц алагалара еснагь иазыхиазароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0