Мҽхакыҭбаалатәи ар рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Аԥсныи Урыстәылеи

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМҽхакыҭбаалатәи ар рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Аԥсныи Урыстәылеи
Мҽхакыҭбаалатәи ар рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Аԥсныи Урыстәылеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Быжьнызқьҩык рҟынӡа аруаа алахәны, мҽхакыҭбаалатәи ар рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Аԥсныи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәыла аладатәи акалҭи рҿы.

АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik. Быжьнызқьҩык рҟынӡа аруааи ҩ-нызқь рҟынӡа арратә техникеи алахәны, мҽхакыҭбаалатәи ар рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәыла аладатәи акалҭи иара убасгьы Волгоградтәии Ростовтәии аобластқәеи, Ҟәбани, Ставрополиеи, Нхыҵ Кавкази рҿы ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Учения ЮВО в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аладатәи арратә округ аминаршәыҩцәа Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп амотохысыҩцәа, артеллиристцәа, атанкныҟәцаҩцәа. Арҭ аҟәшақәеи анџьнырцәеи, аԥшыхәцәеи, арадиоелектронтә ҿагылареи, арадиациатәии, ахимиатәии, абиологиатәии хьчареи рыҟәшақәеи еиныруеит.

Асценари ала агәыԥқәа реиҿагылараан акомандаҟаҵаҩцәа ҳаамҭазтәи бџьаршьҭыхлатәи аимакқәа рԥышәа рхы иархәаны акомандаҟаҵара мҩаԥыргалароуп.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит 50 ҳаирплани верталиоти, Амшынеиқәеи Каспитәи амшыни рыфлот амшынуаа.

Ахархәара рыҭахоит аԥшыхәратә комплексқәеи аимадара анапхгараҭара "Стрелец-ВР".

Быжьнызқьҩык рҟынӡа аруаа алахәны, мҽхакыҭбаалатәи ар рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәыла аладатәи акалҭи рҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0