Захарова Трамп аруаа рахь иааԥхьаразы: адемократиа ахьӡала ашантаж ауп

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБрифинг официального представителя МИД РФ М. Захаровой
Брифинг официального представителя МИД РФ М. Захаровой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа  Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова Америка иазкны аҳәамҭа ҟалҵахьан уаҟа аԥыжәара аиуа иалагеит ҳәа Венесуела анапхгара мчыла ахыгара аидеиа.

АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова ЕАШ ахада Дональд Трамп Венесуела аруаа рахь Хуан Гуаидо амнистиаз иажәадгала иазкны иҟаиҵаз ааԥхьара шантажуп ҳәа ахылҳәааит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ашантаж – венесуелатәи ажәлар адемократиа рзырхынҳәра аҳасаб ала", - ҳәа лыҩуеит Facebook аҟны Захарова Трамп иҳәамҭа ахҳәаа аҭо.

Трамп ашәахьаҽны Венесуелатәи аеммигрантцәа рҿаԥхьа Маиами дықәгыло Венесуела аруаа рахь ихы нарханы иҳәеит Хуан Гуаидо амнистиаз иажәадгала адгылара арҭарц. Уи адагьы Трамп инаҵшьны иазгәеиҭеит ЕАШ гәҭакны ишамоу "амчра ҭынчымҩала аԥсахра, аха ианаму, аҽа хырхарҭақәак шыԥшаахо" атәы.

Венесуела - Sputnik Аҧсны
Венесуела ООН Ашәарҭадаратә хеилак арезолиуциа Урыстәыла апроект иадгылеит

Ажьырныҳәа 21 рзы Венесуела иахьатәи ахада Николас Мадуро иҿагыланы Каракас ақәгыларақәа ирылагеит. Апарламент аспикер Хуан Гуаидо ажьырныҳәа 23 рзы атәыла ахадас ихы рылеиҳәеит.

Гуаидо истатус адгылара арҭеит: ЕАШ, Канада, Аргентина, Бразилиа, Чили, Колумбиа, Коста-Рика, Гватемала, Гондурас, Панама, Парагваи, Перу, Қырҭтәыла.

Урыстәыла Мадуро адгылара инаҭоит аконституциатә шьаҭа зманы иҟоу атәыла ахадак иҳасаб ала.

Европатәи атәылақәа зеижә: Испаниа, Португалиа, Германиа, Великобританиа, Даниа, Нидерланды, Франциа, Венгриа, Австриа, Финлиандиа, Бельгиа, Лиуксембург, Чехиа, Латвиа, Литва, Естониа, Польша, Швециа, Хорватиа, Македониа, Румыниа жәабран 4 рзы рнапы еицаҵарҩит адеклорациа, иазгәарҭеит Хуан Гуаидо аамҭалатәи Венесуела ахада  ҳәа дшазхарҵо азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0