Алагер Рукбан аҟынтәи ахҵәацәа рзы агуманитартә коридорқәа ҩба еиҿыркааит

© AFP 2023 / KHALIL MAZRAAWIСирийские беженцы во временном лагере Рукбан, архивное фото
Сирийские беженцы во временном лагере Рукбан, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит Еиду Америкатә штатқәеи урҭ рнапаҵаҟа иҟоу ацәгьоуратә гәыԥқәеи Шьамтәылатәи алагер Рукбан аҟынтәи ахҵәацәа рықәҵра иаҿагылоит ҳәа.

АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Урыстәыла  атәылахьчара анапхгара Амилаҭтә центр аиҳабы аинрал-полковник Михаил Мизинцев аҳәамҭа ҟаиҵеит Шьамтәыла аиҳабыра Урыстәыла адгыларала агуманитартә коридорқәа ҩба раартра рыгәҭакуп ахҵәацәа рлагер Рукбан аҟынтәи ауаа рымҩаԥгаразы ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Активисты из организации Белые каски в Сирии - Sputnik Аҧсны
"Акаска шкәакәақәа" Шьамтәыла  ахимиатә бџьар ахархәарала апровокациақәа аздырхиоит

"Иахьа, жәабран 16 рзы ирыларҵәаз Урыстәылеи Шьамтәылеи ркоординациатә штабқәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа инақәыршәаны иаартхоит агуманитартә коридорқәа ҩба, ахҵәацәа ԥынгыла рымамкәа алагер Рукбан аанрыжьырц азы. Аушьҭырҭатә ҭыԥқәа аиланхарҭақәа Џьлеби Ель-Гураби русура иалагоит", - иҳәеит Мизинцев.

Шьамтәыла аҭыԥч ԥсҭазаара ашьақәыргылара атәыла аиҳабыра русура иахьыԥшымкәа ауадаҩрақәа ацуп ҳәа азиԥхьаӡоит Мизинцев.

"Алагер Рукбан аҿы аҭагылазаашьа уадаҩуп. Уа иҟоу ауааԥсыра ацәгьоуратә еиҿкаарақәа рнапаҵаҟа иаанхеит. Аԥсреи абзареи ирыбжьагылоуп. Абри азы аинформациа шьақәнарӷәӷәоит ахҵәацәа рзы ООН иреиҳаӡоу акомиссар иофициалтә хаҭарнак Андреи Махечич", - ҳәа иҳәоит иара.

Алагер аҿы зыда ԥсыхәа ыҟам амедицинатә маҵзураҵәҟьа роуам. Ахәыҷқәа, абыргцәа, аҳәса иарбанызаалак дгылара рымам. Аҵыхәтәантәи амзазы ааҩык ахәыҷқәа рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0