Амоделиер Карл Лагерфельд иԥсҭазаара далҵит

© REUTERS / Edgar SuКарл Лагерфельд
Карл Лагерфельд - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа амоделиер Карл Лагерфельд 86 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, жәабран 19 — Sputnik. Франциа, 86 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит амоделиер, афотоҭыхыҩ, астилист Карл Лагерфельд, ҳәа аанацҳауеит агазеҭ Le Figaro.

Карл Лагерфельд диит Гамбург, абанктә усзуҩ иҭаацәараҿы.

1952 шықәса рзы иара нхара ҳәа Парижҟа диасит. 1974 шықәса рзы ишьаҭаиркит ихатәы цәамаҭәатә цәаҳәа — Karl Lagerfeld Impression. Жә-шықәса рышьҭахь Chanel директорс даиуеит. Лагерфельд аус рыциуан Chloé, Fendi уҳәа реиԥш иҟаз амода аҩнқәа.

Акутиурие иара убасгьы афотоҭыхра инапы алакын, Париж ихатәы галереиа иман. Иара убасгьы аҭыжьырҭа ду дашьаҭаркҩын.

Ацәамаҭәеиԥш иара афҩыхаақәа аԥиҵон. Арахь иаҵанакуеит Chloé, KL, Jako.

Ажәабжьқәа зегьы
0