Бельгиа ААР Қырҭтәыла атәылауаҩ иҽшьразы: инарҭбаау аинформациа еизактәуп

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБельгиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Дидье Реиндерс
Бельгиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Дидье Реиндерс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла закәаншьаҭада аҳәаа ахысразы иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ Иракли Кәарацхьелиа иҽишьит. Аԥсны агәабзиарахьчара аӡбара-медицинатә експертизаҿ имҩаԥгаз аекспертиза алкала Кәарацхьелиа мчыла иԥсҭазаара далхымызт.

АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Бельгиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Дидье Реиндерс аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла атәылауаҩ Аԥсны иҽшьразы инарҭбаау аинформациа еизгатәуп, инарҵауланы иҭҵаатәуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

СИЗО-4 УФСИН России по городу Москве - Sputnik Аҧсны
Гал араион иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ иҽыкнеиҳаит

"Раԥхьа иргыланы Қырҭтәыла атәылауаҩ Аԥсны иҽшьразы инарҭбаау аинформациа еизгатәуп, ашаҳаҭцәа ирыҿцәажәатәуп. Қырҭтәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳаинырраны ҳаҟоуп. Уи адагьы Евроеидгыла иамоуп ахылаԥшратә миссиа абарҭ аҭыԥқәа рҿы. Урҭ ирҳәогьы иазыӡырыҩтәуп" ҳәа иҳәоит Реиндерс.

Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура уаанӡатәи адыррақәа рыла хәажәкыра 10 2019 шықәса рзы аҳәаа иаԥну Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа закәаншьаҭада аҳәаа ахысразы дааныркылеит 1990 шықәса рзы ииз Қырҭтәыла атәылауаҩ Иракли Кәарацхьелиа.

Иракли Кәарацхьелиа днаган Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аҟәшахьы.А Уа, амаҵзуратә уадақәа руак аҿы Иракли Кәарацхьелиа иҽыкнаҳан иҽишьит. Ааԥхьара зҭаз амедицинатә персонал Кәарацхьелиа дырзеиқәмырхеит ҳәа азгәанаҭоит Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура.

Аԥсны агәабзиарахьчара аӡбара-медицинатә експертизаҿ имҩаԥгаз аекспертиза алкала Кәарацхьелиа мчыла иԥсҭазаара далхымызт. Абри ахҭыс инадҳәаланы ахәашаҽны Аҟәантәи Қарҭҟа днеираны дыҟоуп ахҭыс азы аинформациа хаҭәаа змоу Евроеидгыла ахаҭарнак.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0