Ахԥҳа: Зеландиа Ҿыц аиҳабыра аԥсылман еилазаара адгылара арҭеит

© AP Photo Mark BakerЗеландиа Ҿыц аԥсылман еилазаара
Зеландиа Ҿыц аԥсылман еилазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зеландиа Ҿыц, Краистчерч аџьаамақәа ҩба рҟны хәажәкыра 15 рзы иҟалаз ахысрақәа ирыхҟьаны ауаа рацәа ҭахеит, иҟоуп ахәрақәа змоу.

АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik. Зеландиа Ҿыц аиҳабыра аԥсылман еилазаара адгылара арҭеит, аҭагылазаашьа еиҳагьы иуадаҩымхарц азы ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит Окленд инхо ҳџьынџьуаҩ Асҭанда Ахԥҳа.

"Аҵак ду амоуп Зеландиа Ҿыц аиҳабыра ауаажәларра аҽынкылара аадырԥшырц, асоциалтә ҳақәа рҿы ари аҭагылазаашьа еиҳагьы амца аҵарымҵарц азы ааԥхьара иҟарҵаз. Дара иазгәарҭоит аԥсылманцәа ҳара иҳауаажәларуп, урҭ ҳрыдгылароуп ҳәа", - аалыцҳауеит Ахԥҳа.

Лара иара убасгьы иазгәалҭоит Зеландиа Ҿыц егьырҭ амилаҭқәа, адинхаҵарақәа рганахьала аҽынкылара ду аҭыԥ шамоу.

Ахԥҳа лажәақәа рыла атәыла ахы-аҵыхәа иҟалаз ахҭыс ршьара иқәнарҟьеит. Аиҳаракгьы асеиԥш уаанӡа иахьыҟамлацыз азы.

Иҟоу адыррақәа рыла, ақәылара ҟазҵаз ауаҩы Брентон Таррант шьҭрала д-Австралиатәуп, аха Зеландиа Ҿыц дынхоит.

Зеландиа Ҿыц аџьаама ақәлара - Sputnik Аҧсны
Зеландиа Ҿыц аџьаама ақәлараан иҭахеит 49-ҩык ауааԥсыра

"Ишырҳәо ала, иара 28 шықәса ихыҵуеит. Иҟаиҵаз аус гәҭакыс имоуижьҭеи акрааҵуазаап. Ажәылара аламҭалаз асоциалтә ҳақәа рҿы иабџьар афотосахьа ықәиргылеит, Франциатәи атерактқәа рзы ашьоура шымҩаԥиго анҵаны. Ишырҳәо ала, иара ааӡара бзиа иман, ахәыҷқәа аспорт иазыҟаиҵон, убри аан аԥарагьы рымихуамызт", - ҳәа лҳәоит лара.

Окленд инхо Асҭанда Ахԥҳа иацылҵоит аҭыԥантәи ауааԥсыра ишрылшо ала ааха зауз ишрыцхраауа, арыцҳара ахьыҟалаз ахь ашәҭшьыҵәрақәа шнарго, ацәашьқәа шырбылуа.

Уажәазы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, аҳәынҭқарра азинеиҿкаара хылаԥшра арҭоит ҳәа лҳәоит лара.

Зеландиа Ҿыц, Краистчерч аџьаамақәа ҩба рҟны хәажәкыра 15 рзы иҟалаз ахысрақәа ирыхҟьаны хҩык ахацәеи ԥҳәыски аанкылоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0