Захарова Вышински иус азы: Украина имҩаԥысуа азакәандара иасимволхеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАпортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински
Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Украина апрокуратура Киевтәи аӡбарҭахь ахарадҵаратә шәҟәы нанашьҭхьан Вышински иус ахәаԥшразы.

АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова аҳәамҭа ҟалҵеит апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински иганахьала имҩаԥырго аусқәа зегьы закәандароуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Захарова иара убасгьы иргәалалыршәоит Киев хаԥызарала АИХ рхақәиҭрақәа рзы Украина жәларбжьаратәи ахыдҵақәа еиланагоит ҳәа.

"Вышински иус егьырҭ аусқәа ирылаҳкаауам, аха иара иахьа Украина имҩаԥысуа азакәандара иасимволхеит. Аҽазныкгьы иазгәаҳҭоит, Киев хаԥызарала АИХ рхақәиҭрақәа рзы Украина жәларбжьаратәи аҭакԥхықәрақәа еиланагоит ҳәа", - лҳәоит Захарова абрифинг аҿы.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Вышински ихарадҵатә шәҟәынҵа Киевтәи аӡбарҭахь инашьҭуп

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп. Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам. Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ҿырԥшык ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

ОБСЕ Вышински иус ҷыдала азҿлымҳара арҭоит

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭтәызарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0