Адукат: Вышински иаанкыларҭа аҭагылазаашьа ауаҩы изинқәа еиланагоит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКирилл Вышински
Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Домански Вышински дахьҭаку, Киев араион Лукиановтәи аамҭалатәи аанкыларҭаҿы днеины иҭагылазаашьа ибеит.

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински идукат Андреи Домански ашшыԥхьыӡ алеиҵараны дыҟоуп Киев араион Лукиановтәи аамҭалатәи аанкыларҭа ахадарахь, иара убас урыстәылатәии украинатәии ауаҩы изин ахьчара знапы иану ашәҟәы рзынаишьҭуеит Херсонынтәи Киевҟа ииагоу ажурналист дахьҭаку абзазазартә ҭагылазаашьа бааԥсы инамаданы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Захарова Вышински иус азы: Украина имҩаԥысуа азакәандара иасимволхеит

Адукат иажәақәа рыла, Вышински дахьҭаку акамераҿ афымцалашара ыҟам, акаруаҭқәа гәабанда игылоуп, иара идагьы ауада ҭшәаҿы даҽа ԥшьҩык ауаа ҭакуп.

"Украина ауаҩы изинқәа рыхьчара знапы иану Лиудмила Денисова лахь ашәҟәы насышьҭраны сыҟоуп. Иара убасгьы иҟоу аҭагылазаашьа анырԥшны ашәҟәы насышьҭуеит Урыстәылатәи Афедерациа ауаҩы изинқәа рыхьчара знапы иану иахь", - иҳәоит иара.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Вышински ихарадҵатә шәҟәынҵа Киевтәи аӡбарҭахь инашьҭуп

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп. Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам. Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0