Симониан: RT France ақәмақарратә шәҟәқәа аиуит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраRT
RT - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аамҭақәак раԥхьа Франциа ирыдыркылеит "аинформациа аманипулиациа азура аҿагыларазы" азакәан. Иара иалнаршоит иԥаршеиу ажәабжьқәа рылазырҵәо АИХқәа русура аанкылара.

АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аинформациатә агентра "Россия сегодня"; RT аредактор хада Маргарита Симониан аҳәамҭа ҟалҵеит ателеканал RT France иаиуз ақәмақарратә шәҟәқәа рганахьала аполициа рахь ашшыԥхьыӡ нанашьҭит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ателеканал RT France ақәмақарратә шәҟәқәа азынарышьҭит ҳәа Telegram аҿы илыҩуеит Симониан.

RT москватәи аофис - Sputnik Аҧсны
Лавров Sputnik-и RT-и рганахьала Франциа ахымҩаԥгашьазы игәаанагара иҳәеит

"Уаанӡагьы RT France ахьӡала Франциа ҳалҵырц, Европарламент ҳабар шаҭахым атәы зҳәоз ақәмақарратә шәҟәқәа ҳаухьан. Сталин иӡбахәгьы иалацәажәан", - лҳәоит лара.

2017 шықәса рзы Франциа имҩаԥысуаз алхрақәа раан Sputnik France; RT ркорреспондентцәа Макрон иалхратә штаб аҿы аккредитациа иахырмыжьит. Макрон атәыла ахадас даналырх ашьҭахьгьы, азыҳәақәа шынашьҭызгьы, Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аккредитациа аҿҳәара иацҵамызт.

Уажәы амаҵзура Sputnik-и ателеканал RT-и Елисеитәи ахани егьырҭ аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи рахь анеира рылзыршо аккредитациа рымам.

Песков ателеканал RT аблокировказ: ҳзинқәа мап рцәаҳкуам

Sputnik France аредактор хада Наталиа Новикова ишылҳәо ала, аккредитациа змам амаҵзура акорреспондентцәа еснагь русура ашәарҭара иҭагылоуп.

Ари аҭагылазаашьа Франциа ахада урыстәылатәи АИХқәа рганахьала имҩаԥиго "информациатә еибашьроуп" ҳәа ахнаҳәааит Кремль.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0