Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара арекордтә рзаҳалқәа азынашьҭуп

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтенин ихьӡ зху аиндаҭлара арекордтә рзаҳалқәа азынашьҭуп
Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара арекордтә рзаҳалқәа азынашьҭуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2014 шықәса инаркны Стенин ихьӡ зху аиндаҭларахь инарышьҭуа арзаҳалқәа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҳахахьеит.

АҞӘА, хәажәкыра 20- Sputnik. Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭларахь 2019 шықәса рзы 80 тәыла рҟынтәи арзаҳалқәа ҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Уажәнатә иуҳәар алшоит агеографиа акыр аҽарҭбааит ҳәа. Уи адагьы иаарышьҭхьоу аусумҭақәа рыҩаӡара акыр иҳаракуп. Есышықәса еиҳа-еиҳа ирацәахоит аиндаҭлара иалахәхарц зҭаху. Убас, 2019 шықәса рзы уаанӡатәи атәылақәа ирыцлеит Бутан, Боливиа, Иемен, Лиуксембург, Маврикиа, Папуа- Гвинеа ҿыц, Сомали, Судан, Ефиопиа", - ҳәа лҳәоит МИА "Россия сегодня" апроектқәа рмаҵзура анапхгаҩы Оксана Олеиник.

Урыстәыла инаваргыланы Иран, Индиа, Испаниа, Египет, Мексика, Бангладеш рҟынтәи иаашьҭу аусумҭақәа рацәаӡоуп.

Иаашьҭу аусумҭақәа мшаԥымзазы ажиури рыхәаԥшраны иҟоуп. Шорт-лист рашәарамза 13 рзы асаит stenincontest.ru аҿы ирылаҳәахоит.

Выставка победителей конкурса им. Андрея Стенина в Вэйхае - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху аконкурс алауреатцәа русумҭақәа Буенос-Аирес ицәыргақәҵан

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс мҩаԥысуеит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ), аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала. Аконкурс информациатә партниор хаданы иҟоуп: урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә канал "Россия-Культура", аинформациа-жәабыжьтә портал KP.ru, аинформациатә портал ЖурДом, апортал Russian Photo. Аконкурс жәларбжьаратә информациатә партниор хаданы иҟан: аинформациатә маҵзуреи ардиои Sputnik, аинформациатә маҵзура Askanews, аинформациатә маҵзура EFE, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ателеканал, апортал RT, The Royal Photographic Society, Shanghai United Media Group (SUMG).

Аусхкытә информациатә партниорцәа рыҳасабала иара иадгылоит: Урыстәыла афотожурналистцәа рхеидкыла, Москватәи ажурналистцәа рхеидкыла, Аҿари астудентцәеи АИХ рхеидкыла, амаҵзура ГеоФото, апортал Photo-study.ru, аинформациатә портал YOung JOurnalists, афестиваль "Фотопарад в Угличе".

2018 шықәса рзы ажиури аилазаараҿ иҟан жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзурақәа AFP (Франция), Anadolu Ajansi (Турция), Notimex (Мексика), рхаҭарнакцәа. Ажиури ахантәаҩыс дыҟан: Ахмет Сел, Амаҵзура Анадолу (Anadolu Ajansi) (Турция) афотомаҵзура анапхгаҩы.

Ажәабжьқәа зегьы
0