Украина Иреиҳаӡоу ахашшааратә ӡбарҭа Вышински иус иахәаԥшуеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРассмотрение жалобы на продление ареста К. Вышинскому
Рассмотрение жалобы на продление ареста К. Вышинскому - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, хәажәкыра 20 рзы Украина Иреиҳаӡоу ахашшааратә ӡбарҭа Вышински ирбаандаҩра аус азы адукат иҟаиҵаз аппелиациатә шшыԥхьыӡ иахәаԥшуеит.

АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински Украина Иреиҳаӡоу ахашшааратә ӡбарҭахь днагоуп. Ара, ахаша, хәажәкыра 20 рзы, Украина Иреиҳаӡоу ахашшааратә ӡбарҭа Вышински ирбаандаҩра аус азы адукат иҟаиҵаз аппелиациатә шшыԥхьыӡ иахәаԥшуеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, адукат Андреи Домански иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Адукат: Вышински иаанкыларҭа аҭагылазаашьа ауаҩы изинқәа еиланагоит

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп. Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам. Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0