Киевтәи аӡбарҭа Вышински ибаандаҩра ихнамхит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКиевтәи аӡбарҭа Вышински ибаандаҩра ихнамхит
Киевтәи аӡбарҭа Вышински ибаандаҩра ихнамхит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Киев ақалақь аӡбарҭа аҩаша, хәажәкыра 26 рзы имҩаԥнагеит Кирилл Вышински иганахь ала азыҟаҵаратә еилатәара.

АҞӘА, хәажәкыра 26— Sputnik. Вышински идукат Андреи Домански иҳәеит апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински ибаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит имҩаԥысыз аӡбарҭа аилатәара ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Уи адагьы аӡбарҭа мап ацәнакит аус апрокурор изырхынҳәра. Ахьчаҩ уи аҭакс аӡбаҩцәа мап рцәикит, аха уи ҟалом ҳәа ишьақәыргылан ҳәа еиҭеиҳәоит адукат Андреи Домански.

Вышински Украина атәылауаа рыла иԥсахра мап ацәикит - Sputnik Аҧсны
Вышински Украина атәылауаа рыла иԥсахра мап ацәикит

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп. Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам. Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0