Венесуела аиҳабыра рфымцеиқәыршәара мызкы иҭагӡаны ишьақәдыргылоит

© Sputnik / Марко Бельо / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКаракас афымцалашара арцәара
Каракас афымцалашара арцәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Венесуела ахада Николас Мадуро ирылеиҳәеит ртәыла афымцеиқәыршәареи аӡылеиқәыршәареи реиҭашьақәыргылара мызктәи аплан шышьақәирӷәӷәаз.

АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Венесуела ишьақәдырӷәӷәеит фымцалашарала атәыла аиқәыршәаразы ауснагӡатәқәа мызктәи рыплан, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Венесуела амилаҭтә енергосистема аиҭашьақәыргылара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Венесуела амилаҭтә енергосистема аиҭашьақәыргылара иаҿуп

Николас Мадуро ижәлар рахь иҟаиҵаз инацҳамҭаҟны излеиҳәаз ала, уи аплан иазԥхьагәанаҭоит афымцатә ҳақәа ироуа ақәыӷәӷәара аҭышәныртәалара. Иара иазгәеиҭеит аӡылеиқәыршәарагьы инарҵауланы ишацклаԥшуа, уи ишақәнагоу аиура афымцалашара ишиашоу иахьахьыԥшу иазхәыцны.

Мадуро излеиҳәо ала, ари аплан аусура иаладыргахьеит.

Убри адагьы, Венесуела ахада иуаажәлар дрыҳәеит уеизгьы иаадырԥшуа агәҽанызаара еиҳагьы идырӷәӷәарц.

"Ҳшәарҭадара иҵегьы иҳарӷәӷәароуп, избанзар Венесуела ықәызхырц зҭаху агыгшәыгқәа рҟны аус ҳамоуп... Урҭ иаҳзыруа аахақәа зыҟарҵо ҳтәыла ашьара иқәырҟьарц азоуп, Венесуела еилаҳар, арыцҳара амҩа ианылар ауп ирҭаху", - иҳәеит иара.

Венесуела зегь реиҳа идуу агидрофымцастанциа "Эль-Гури" аҟны хәажәкыра 7 рзы иҟалаз авариа атәыла аҭоурых аҟны афымцалашара иаиухьоу аԥхасҭақәа иреиҳауп: 23 штат рҟынтәи 20 фымцалашарада иаанхеит. Хәажәкыра 25 рзы уи афымцастанциаҟны авариа еиҭаҟалеит, уи ашьҭахь 21 штат ҩаԥхьа фымцалашарада иаанхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0