Вышински атәыла ахада иалхрақәа рҟны ибжьы иҭиит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВышински атәыла ахада иалхрақәа рҟны ибжьы иҭиит
Вышински атәыла ахада иалхрақәа рҟны ибжьы иҭиит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҽыша, хәажәкыра 31 рзы Украина имҩаԥысит атәыла ахада иалхрақәа актәи ртур.

АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Апортал РИА Новости Украина Кирилл Вышински атәыла ахада иалхрақәа рҟны ибжьы иҭиит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости адукат Андреи Домански иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Кирилл ззыҳәан ибжьы иҭииз сыздырам. Алхрақәа рышьҭахь иареи сареи ҳаибамбацт. Уи зыхҟьаз сара Бриуссельҟа саароуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
Москалькова ООН ахь азыҳәа налышьҭуеит Вышински иус инадҳәаланы

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам. Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0