Евроеидгыла акомиссар: Вышински иаарласны доурыжьыр ҟалоит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКирилл Вышински
Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иусӡбара мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 15 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Евроеидгыла акомиссар Дуниа Миатович ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Урыстәыла ахеилак инапхгара данрыҿцәажәоз апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински хара имгакәа доурыжьыр алшоит ҳәа азгәалҭеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла ахада Владимир Соловиов иажәақәа ҵаҵӷәыс иааганы.

"Иахьа ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Евроеидгыла акомиссар Дуниа Миатовичи ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Урыстәыла ахеилак анапхгаҩы Михаил Федотови аиԥылара рыман. Дуниа Миатович Вышински иус иааиԥмырҟьаӡакәа хылаԥшра асҭоит ҳәа лҳәеит. Иазгәалҭеит иаарласны доурышьҭыр алшоит ҳәа", - еиҭеиҳәоит Соловиов.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински атәыла ахада иалхрақәа рҟны ибжьы иҭиит - Sputnik Аҧсны
Вышински атәыла ахада иалхрақәа рҟны ибжьы иҭиит

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам. Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

Адукат: Вышински иаанкыларҭа аҭагылазаашьа ауаҩы изинқәа еиланагоит

 

Ажәабжьқәа зегьы
0