Лавров: Голантәи аҳаракырақәа рзы Урыстәыла апозициа шыҟац иаанхоит

© Sputnik / Артур ГабдрахмановГолантәи аҳаракырақәа
Голантәи аҳаракырақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Голантәи аҳаракырақәа Шьамтәыла иатәуп ҳәа Москва апозициа шыҟац иаанхоит, абри атәы иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров даҽазныкгьы ишьақәирӷәӷәеит Голантәи аҳаракырақәа Шьамтәыла иатәуп ҳәа Москва апозициа шыҟац ишаанхо.

"Урыстәыла Голантәи аҳаракырақәа Шьамтәыла аҵаракырахь иаҵанакуеит ҳәа шаԥхьаӡоз еиԥш иаԥхьаӡоит", - аҳәоит аминистр иажәақәа аазго РИА Новости.

ЕАА рхада Дональд Трамп Голантәи аҳаракырақәа Израиль иатәуп ҳәа адекларациа инапы аҵаиҩит, Израиль аԥыза-министр Биниамин Нетаниахугьы иаргьы реиԥылараан. 1967 шықәсазы иҟалаз Фымштәи аибашьра иалҵшәаны Шьамтәыла иатәыз Голантәи аҳаракырақәа Израиль анапахьы иаанагеит, 1981 шықәсазы иампыҵанахалеит. Арҭ аҳаракырақәа Израили Шьамтәылеи рахьтә рыуа изтәу ҳәа еимактәы хадас ирыбжьоуп. Уи аӡбаразы аҽазышәарақәа мҩаԥыргахьан Шьамтәыла аграждантә еибашьра иалагаанӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0