Ердоган: С-400 ԥхынгәымзанӡа Ҭырқәтәыла иаиур алшоит

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕрдоган: С-400 ԥхынгәымзанӡа Ҭырқәтәыла иаиур алшоитф"
Ердоган: С-400 ԥхынгәымзанӡа Ҭырқәтәыла иаиур алшоитф - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган урыстәылатәи азенит-ракетатә комплексқәа С-400 ԥхынгәымзанӡа Ҭырқәтәыла иаиур алшоит ҳәа азгәеиҭеит.

АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Урыстәылатәи азенит-ракетатә комплексқәа С-400 ԥхынгәымзанӡа ҳаиуеит ҳәа иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган.

"Аусурақәа абри аганахь ала ихыркәшоуп. Зегь хиоуп. С-400 Ҭырқәтәылаҟа анагара иалагоит ԥхынгәымзазы, иҟалап еиҳа заанаҵы ихацыркхаргьы", - ҳәа Ердоган иажәақәа еиҭанаҳәоит РИА Новости.

Ҭырқәтәыла ахада иазгәеиҭоит С-400 заахәо Ҭырқәтәыла амилаҭтә шәарҭадараз ауп ҳәа.

Уаанӡагьы Вашингтон иҟанаҵоз ақәыӷәӷәара иацәымшәакәа Ҭырқәтәыла аҳәамҭа ҟанаҵахьан С-400 аахәара мап шацәнамкуазы.

ЕАА иазгәарҭоит С-400 НАТО астандартқәа ирықәшәом ҳәа.

Санкциак аҳасаб ала рҳаирпланқәа F-35 Ҭырқәтәыла аархәара мап ацәыркыр алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0