Акабриолет Aurus авидео ианырҵеит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосковский международный автомобильный салон
Московский международный автомобильный салон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла ахәаахәҭра аминистрра адырра ҟанаҵахьан жәабранмза инаркны адилертә салонқәа рҿы алимузин Aurus, аседан Aurus раахәаразы азыҳәақәа рыҟаҵара шалшо атәы.

АҞӘА. Мшаԥы 12 – Sputnik. Асоциалтә ҳақәа рҿы иӡыргоуп Урыстәыла иҭрыжьуа акабриолетқәа Aurus рвидео. Арҭ автомашьынақәа Аиааира амш аҽны имҩаԥысуа апарад иалахәхоит.

Автомашьынақәа Aurus — (апроект "Кортеж") - акласс "люкс" иатәуп, атәыла ахадацәа рныҟәгара иазырхоуп. Арахь иаҵанакуеит ахкқәа: лимузин, седан, минивен. Автомашьына Aurus —апроект "Кортеж" аџьармыкьатә хьӡы, рхы иадырхәоит Владимир Путини Дмитри Медведеви.

Премьера автомобиля Aurus на Женевском автосалоне - Sputnik Аҧсны
Aurus иалшоит автомашьынақәа Bentley, Rolls-Royce рындаҭлара

Апроект ахь аҳәынҭқарратә лагала иартәоит 12,4 миллиард мааҭ.

Aurus технологиала аҳаракыра ду змоу машьыноуп. Апассаџьырцәа рҭыԥ амультимедиатә системала еибыҭоуп, агантә саркьақәа ракәзар адәныҟатә видеокамерақәа рҟынтәи иҟоу узырбо аекранқәа рыла иԥсахуп.

Аҩныҵҟа ацәалыхи амҿлыхи рыла еиҿкаауп, аԥхьатәи апанель аҿы аманиторқәа ҩба иахәҭаны иҟоу аинформациа аадырԥшуеит.

Aurus Motors адиректор хада Франц Герхард Хильгерт игәаанагарала Aurus раԥхьатәи амашьынақәа Европатәи атәылақәа рҿы рыҭира иалагоит ҽааны.

Урыстәыла акәзар урҭ рыҭира иалагоит 2019 шықәса рзы, заанаҵтәи азыԥхьагәаҭарала рыхәԥса жәа-миллион мааҭ рҟынӡа итәоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0