Ҭырқәтәыла С-400 атехникатә ҟазшьақәа аԥсахрақәа рыланагалар алшоит

© Sputnik / Дмитрий Виноградов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраС-400
С-400 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла С-400 аахәара мап ацәнакуам, актәи апартиа атәылахь ԥхынгәымзазы ишнагахо атәы шьақәнарӷәӷәоит.

АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Ҭырқәтәыла Урыстәылатәи азенит-ракетатә комплексқәа (ЗРК) С-400 ртехникатә параметрқәа аԥсахрақәа рыланагалар алшоит, ЕАА урҭ акомплексқәа ашәарҭара рыҵоуп ҳәа шьақәдырӷәӷәар. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистр Хулуси Акар иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Дмитри Песков - Sputnik Аҧсны
Песков: Москва С-400 азы Ҭырқәтәыла апозициа иадгылоит

ЕАА аҳәамҭа ҟарҵоит С-400 НАТО астандартқәа ирықәшәом ҳәа, асанкциақәа рылагалара иалацәажәоит урҭ раахәаразы. Уи адагьы, дара рҳаирпланқәа F-35 Ҭырқәтәыла архәҳара мап ацәыркыр шауа рҳәоит.

"С-400, аиҳарак иахьчараны иҟоу ақалақьқәа Стампыли Анкареи роуп. Убри аан аҳаирпланқәа F-35 ҭырқәтәылатәи Малатиа иҟоу аҳаиртә баӷәазаҿ игылоит. Арҭ аҭыԥқәа акыр еицәыхароуп. Аха америкатәи аган ашәарҭара рыҵоуп ҳәа ишьақәдырӷәӷәар, С-400 апараметрқәа аԥсахрақәа рылаагалар ҳалшоит", - иҳәеит Акар, ажурналистцәа дрыҿцәажәо.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла азенит-ракетатә комплексқәа Patriot раахәаразы ЕАА ишалацәажәо.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0