ЕАА ныҟәцаҩ дызмам афлот аԥҵара рыгәҭакуп

CC0 / / Флот США
Флот США - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2024 шықәса рзы Еиду Аштатқәа рыфлот роботла еиқәыршәоу аӷбақәа рыла аиҿкаара рыгәҭакуп.

АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Вашингтон иагәҭакуп Урыстәылеи Китаии рындаҭларазы роботла еиқәыршәоу аӷбақәа раахәара. Абри атәы аанацҳауеит National Interest.

ЕАА арра-мшынтә флот ацәшәоит америкатәи аӷбақәа урыстәылатәии китаитәии аракетақәа рзы ауашәшәырара рылазар ҳәа. Абри атәы аҩуеит аҭыжьымҭа.

Америка ар рконтр-адмирал Ренди Краитс ишиҳәо ала робатла еиқәыршәо аӷбақәа "аԥшаареи ажәылареи" рфункциақәа нарыгӡоит. Иара убасгьы иазгәеиҭеит арҭ аӷбақәа рхышәа-ҵышәа еиҳа ишмаҷхо иахьазы ар ирымоу аӷбақәа раасҭа.

ЕАА иагәҭакуп ԥшьмиллиард доллар арҭ аӷбақәа рыхҭынҵара. Иара убри аан иазгәаҭоуп аныхрақәа ирыцлар шалшо.

Арра-мшынтә мчрақәа абри аҩыза аӷбақәа роур алшоит 2024 шықәса рзы.

Помуи адагьы National Interest ишаҩуала ЕАА аракетатә фрегат ҿыц аус адырулоит. Иара ахархәара аиуеит рныҟәаҩ дызмам аӷбақәеи амшынаҵатә ӷбақәеи рфлотилиа напхагара аҭаразы. 2020 шықәсазтәи арратә биуџьет аҟынтәи миллиардки 300 миллион доллар азырхахоит асеиԥш иҟоу афрегатқәа 20 рыргылара.

Ажәабжьқәа зегьы
0