Шри-Ланка атҟәацрақәа ааба ҟалеит, ауаа рацәаҩны иҭахеит

© AFP 2023 / ISHARA S. KODIKARAШри-Ланка атҟәацрақәа ҟалеит, ауаа ҭахеит
Шри-Ланка атҟәацрақәа ҟалеит, ауаа ҭахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шри-Ланка аҳҭнықалақьи егьырҭ араионқәа рҟни аантәы аҭҟәацрақәа ҟалеит амҽыша, мшаԥы 21 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Амҽыша, мшаԥымза 21 рзы Шри-Ланка акатоликатә динхаҵаҩцәа Мшаԥы ианаԥылоз иҟалаз атҟәацрақәа ирыхҟьаны, 185-ҩык ауааԥсыра ҭахеит, 500-ҩык раҟара ахәрақәа роуит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, агентра Франс Пресс адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Аинтернет аҿы ицәырҵит тҟәацрак ахьҭыху авидео.

Атҟәацрақәа ҟалеит Акатоликатә мшаԥы азгәаҭараан хә-еҵәак змоу асасааирҭақәа Shangri-La, Cinnamon Grand, Kingsbury, иара убас ақалақьқәа Котахена, Негомбо, Баттикалоа руахәамақәа рҟны, Коломбо азааигәара иҟоу Дематагода аиланхарҭаҟны. Абри атәы аанацҳауеит атедеканал News 1st.

Ажәабжьқәа зегьы
0