Вышински иус азы изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысуеит лаҵара 2 рзы

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАжурналист Кирилл Вышински иусӡбара
Ажурналист Кирилл Вышински иусӡбара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист Кирилл Вышински Киев дырбаандаҩын лаҵара 15, 2018 шықәса рзы.

АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Киев ақалақь Подольсктәи аӡбарҭа апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иганахьала аӡбаратә еилатәара мҩаԥнагоит лаҵара 2 рзы ҳәа адырра ҟаиҵеит адукат Андреи Домански.

РИА Новости адыррақәа рыла убри аҽны имҩаԥысраны иҟоуп Киев ақалақь Печоратәи аӡбарҭа аилатәара, иара адукат Домански иганахьала. Адукат ихарарҵоит закәаншьаҭада аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра "Древний Киев" аҿы анхарҭаҩны ахатәтәра. Домански ари аус ипрофессионалтә усура, Вышински иус аилыргара дахьалахәу иадиҳәалоит.

Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи ажурналистцәа Зеленски иҳәеит Вышински иоужьраҿ ацхыраара иурц

Аԥшьаша, мшаԥы 25 рзы Киев ақалақь Подольсктәи аӡбарҭа Вышински иусӡбара мҩаԥнагеит. Апрокурор Вышински ихарадҵа аԥхьара иациҵеит ҳәа иҳәоит Домански.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Вышински идукат Украинаҟа дхынҳәыр ддырбаандаҩыр ҳәа дшәоит - Sputnik Аҧсны
Вышински идукат Украинаҟа дхынҳәыр ддырбаандаҩыр ҳәа дшәоит

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0