Вышински иус ахәаԥшра лаҵара 7 рахь ииагоуп

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКирилл Вышински иусӡбара
Кирилл Вышински иусӡбара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Киев ақалақь Подольсктәи аӡбарҭа апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иганахьала аӡбаратә еилатәара ахыгоуп.

АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иганахьала Киев ақалақь Подольсктәи аӡбарҭаҿы аӡбаратә еилатәара лаҵара 7 рахь иахыгоуп ҳәа РИА Новости адырра аиҭеит адукат Андреи Домански. Иара иазгәеиҭеит Вышински аӡбарҭахь дахьымнеиз аамҭалатәи аанкыларҭа (СИЗО) ахьчаҩцәа ианаамҭаз аӡбарҭахь дахьнарымгаз иахҟьеит.

Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи ажурналистцәа Зеленски иҳәеит Вышински иоужьраҿ ацхыраара иурц

Иара убасгьы, РИА Новости адыррақәа рыла, иара адукат Домански иганахьала убри аҽны имҩаԥысраны иҟаз Киев ақалақь Печоратәи аӡбарҭа аилатәара аамҭа лаҵара 8 рахь иахыгоуп. Адукат ихарарҵоит закәаншьаҭада аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра "Древний Киев" аҿы анхарҭаҩны ахатәтәра. Домански ари аус ипрофессионалтә усура, Вышински иус аилыргара дахьалахәу иадиҳәалоит.

Аԥшьаша, мшаԥы 25 рзы Киев ақалақь Подольсктәи аӡбарҭа Вышински иусӡбара мҩаԥнагеит. Апрокурор Вышински ихарадҵа аԥхьара иациҵеит ҳәа иҳәоит Домански.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Евроеидгыла акомиссар: Вышински иаарласны доурыжьыр ҟалоит

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0