Москалькова: Вышински азин аганахьала иус аиԥш зеиԥшу уԥылом

© Sputnik Урыстәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рзы азинмчы змоу Татиана Москальковеи апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышинскии
Урыстәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рзы азинмчы змоу Татиана Москальковеи апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышинскии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
МИА "Россия сегодня", RT редактор хада Маргарита Симониан уаанӡа ажәалагала ҟалҵахьан лаҵара 15 рзы акьыԥхь ахақәиҭра Адунеизегьтәи Амш аҽны Москва иҟоу Украина Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа ажәа ахақәиҭра иалацәажәазарц.

АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Урыстәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рзы азинмчы змоу Татиана Москалькова апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иус иеиԥшу адунеижәларбжьаратә зин аганахьала аиԥш зеиԥшу уԥылом лҳәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Адунеижәларбжьаратә зин аганахьала ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу уԥылом. Агәыӷра сымоуп аӡбарҭа аформат ҿыц аиашара аанарԥшып, иҟоу аҭагылазаашьа азинхьчаратә тематика иақәшәо иазнеип", - лҳәоит Москалькова.

Москалькова лгәаанагарала, Вышински ихарарҵо азакәаншьаҭа амам, иҟаҵәҟьоу ипрофессионалтә усура ахьынеигӡоз ианарыжьуам ауп.

Кирилл Вышински иусӡбара - Sputnik Аҧсны
Вышински иус ахәаԥшра лаҵара 7 рахь ииагоуп

Москалькова иара убасгьы илҳәеит 2018 шықәса рзы Украина алалараз мап рцәыркит урыстәылатәи ажурналистцәа жәпаҩык ҳәа.

"Акраҵанакуеит лаҵара 15 рзы акьыԥхь ахақәиҭра Адунеизегьтәи Амш аҽны ажурналистцәа рзинқәа реилагара "мап" ҳәа азаҳҳәар", - лҳәоит азинхьчаҩ.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
Москалькова ООН ахь азыҳәа налышьҭуеит Вышински иус инадҳәаланы

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0