Москватәи аҳаиртә баӷәаза Superjet-100 ахҭыс хронологиала ишьақәдыргылеит

© REUTERS / Nadezhda PolomoshnovaАвиакатастрофа в Шереметьево
Авиакатастрофа в Шереметьево  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи аҳаиртә баӷәаза Шереметьево амца зкны итәаз аҳаирплан Superjet-100 иҭаз 78-ҩык рҟынтәи 37-ҩык рыԥсы еиқәхеит.

АҞӘА, лаҵара 8 — Sputnik. Аҳаиртә баӷәаза Шереметьево Sukhoi Superjet-100 ахҭыс хронологиала ишьақәдыргылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ареис SU1492 Москва — Мурманск шьҭыԥрааит асааҭ 18:02 рзы. Жәа-минуҭк ааҵуаны аԥырҩы адырра ҟаиҵеит арадиоеимадара ахьыҟам иахҟьаны аҳаиртә баӷәазахь ахынҳәра шигәҭаку азы. Асааҭ 18:13 рзы иара аҽазныкгьы абри адырраҭара ҟаиҵеит.

Шереметьево - Sputnik Аҧсны
Шереметьево аҳаирплан амцакраан дҭахеит 41 пассаџьыр

Асааҭ 18:30 рзы аҳаиртә баӷәаза аԥыррақәа рнапхгаҩы Шереметьево аиҳабы ахҭыс азы адырра ииҭеит.

"Аҳаирплан акомандир иажәақәа рыла аҳаирплан архынҳәра ахәҭаны изыршьаз арадиоеимадара аҟамзаароуп. Аҳаирплан атәара аштаттә режим иаҵанакуан", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҳаирплан адгьылаҿ итәеит асааҭ 18:30 рзы, абри ашьҭахь амца акит.

Асааҭ 18:31 рзы аҳаиртә баӷәаза аԥыррақәа рнапхгаҩы ашәарҭарардырра ҟаиҵеит. Авариатә трапқәа аушьҭын асааҭ 18:31 рзы, аекипаж амчала ауаа аҳаирплан рҭыгара хацыркын.

Аԥхьатәи амцарцәаратә гәыԥ амцарцәара иалагеит асааҭ 18:32 рзы.

Минуҭк иахымсыцкәа иааит аҩбатәи амцарцәаратә гәыԥгьы. Апассаџьырцәа аҳаирплан рҭыгара напаларкит Шереметьево авариа-еиқәырхаратә команда.

Амцарцәаҩцәа ргәыԥқәа аҽа ԥышьба аҭыԥ ахь инеиит асааҭ 18:33, 18:35 рзы. Амцарцәара хыркәшан асааҭ 18:48 рзы.

Шереметьево апассаџьыртә ҳаирплан Sukhoi Superjet 100 Москва - Мурманск амца акит лаҵара 5 рзы. Уи 28 минуҭ аҳауа ишалаз, иаалырҟьаны иахьынтәишьҭыԥрааз аҳаирбаӷәаза "Шереметьево" ахь ихынҳәыр акәхеит. Аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, ҩынтә атәарҭа иахыԥраауан. Иантәоз аҳаирплан ашассиқәа ԥҵәеит, аусаругақәа амца рыцралеит.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 78-ҩык апассаџьырцәа рахьтә 41 ҭахеит, 37-ҩык еиқәхеит.

Иҟалаз авариа инамаданы ҩыџьа ма инареиҳаны ауааԥсыра рыԥсҭазаара ралҵра зыхҟьаз аҳаиртә транспорт ашәарҭадара аԥҟарақәа реилагаразы ашьаусҭҵаара хацыркуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0