Урыстәыла атәылахьчара ркомандаҟаҵаҩцәа рфотосахьақәа ӡырнагеит

© Foto / Минобороны России Генерал-лейтенант К.А. Вершинин с боевыми товарищами — воздушными асами Великой Отечественной войны.
 Генерал-лейтенант К.А. Вершинин с боевыми товарищами — воздушными асами Великой Отечественной войны. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра уаанӡа аофициалтә саит аҿы аусура иаланаргеит апроект "Полководцы Победы: мирные мгновения судьбы".

АҞӘА, лаҵара 8 – Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә саит аҿы аусура иаланаргеит апроект ҿыц, зыҟны Аџьынџьтәылатә еибашьар ду аамҭазтәи ар ркомандаҟаҵаҩцәа аибашьраантәи рфотосахьақәа кьыԥхьу.

"Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аусура иаланаргеит апроектқәа жәпакы рсериа, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аантәи иналукааша ахаҿқәа рӡыргаразы", - ҳәа азгәаҭоуп арратә усбарҭа аинформациеи амассатә коммуникациақәеи рзы Адепартамент адырраҿы.

Ар ркомандаҟаҵаҩцәа: Георги Жуков, Александр Василевски, Родион Малиновски, Константин Рокоссовски, Иван Конев, Кирилл Мерецков уҳәа рфотосахьақәа кьыԥхьуп асаит аҿы. Иара убасгьы икьыԥхьуп аԥшыхәҩы Владимир Михалкин ифотосахьақәа, Иалтатәи аиԥылараан Арра-мшынтә флот акомандаҟаҵаҩ Николаи Кузнецови, Британиа аԥыза-министр Уинстон Черчилли, Еиду аштатқәа рхада Франклин Рузвельти реиԥылараан иҭыхыз афотосахьа.

Уаанӡа асаит аҿы аусура иалагахьан ар ркомандаҟаҵаҩцәа рҭаацәаратә фотосахьақәа рӡыргара.

Ажәабжьқәа зегьы
0