Израиль Голантәи аҳаракырақәа рҿы Трамп ихьӡ зху аиланхарҭа аԥнаҵоит

© Sputnik / Артур ГабдрахмановГолантәи аҳаракырақәа
Голантәи аҳаракырақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Израильаа Голан Израиль иахәҭакуп ҳәа азхазҵаз ЕАА ахада ҭабуп ҳәа иаҳәара рыгәҭакуп.

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Израиль аԥыза-министр Бинимин Нетаниаху аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла анапхгара Голан Дональд Трамп ихьӡ зыхҵахо аиланхарҭаз аҭыԥ алырхит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Голантәи аҳаракырақәа - Sputnik Аҧсны
Лавров: Голантәи аҳаракырақәа рзы Урыстәыла апозициа шыҟац иаанхоит

"Уаанӡагьы исҳәахьан Трамп ихьӡ зху аиланхарҭа ашьапы шыкхо. Уажәы уи азы аҭыԥ ылаҳхит", - ҳәа иҳәеит Израиль аԥыза-министр Бинимин Нетаниаху.

Аԥыза-министр иҳәеит аӡбра рыдыркылараны ишыҟоу зеиҿкаара даҿу аминистррцәа реилазаара.

Уаанӡа ЕАА ахада Дональд Трамп Израиль аԥыза-министр Бинимин Нетаниаху даниԥылоз инапы аҵеиҩит Голантәи аҳаракырақәа Израиль иахәҭакуп ҳәа зҳәо адеклорациа.

1967 шықәса рзы Фымштәи аибашьраан Израиль Шьамтәыла иампыҵнахит Голантәи аҳаракырақәа. 1981 шықәса рзы урҭ аннексиа рызнауит.

Израиль-Шьамтәылатәи аимак ҵаҵӷәыс иаманы ишьоуп абарҭ аҳаракырақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0