Шереметьево иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рхаҭарақәа шьақәыргылоуп

© Следственный комитет РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШереметьево иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рхаҭарақәа шьақәыргылоуп
Шереметьево иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рхаҭарақәа шьақәыргылоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы адыррақәа рыла Шереметьево 78-ҩык апассаџьырцәеи аԥрыҩцәеи рҟынтәи иҭахеит 41-ҩык.

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Шереметьево, аҳаирплан Sukhoi Superjet 100 аҟны иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рхаҭарақәа шьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Амолекулиар-генетикатә идентификациа аганахь ала аусурақәа хыркәшоуп. Sukhoi Superjet 100 аҟны иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рхаҭарақәа шьақәыргылоуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ҳаџьымба Шереметьево иҟалаз арыцҳара инамаданы Путин дидышшылеит

Шереметьево апассаџьыртә ҳаирплан Sukhoi Superjet 100 Москва - Мурманск амца акит лаҵара 5 рзы. Уи 28 минуҭ аҳауа ишалаз, иаалырҟьаны иахьынтәишьҭыԥрааз аҳаирбаӷәаза "Шереметьево" ахь ихынҳәыр акәхеит. Аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, ҩынтә атәарҭа иахыԥраауан. Иантәоз аҳаирплан ашассиқәа ԥҵәеит, аусаругақәа амца рыцралеит.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 78-ҩык апассаџьырцәа рахьтә 41 ҭахеит, 37-ҩык еиқәхеит.

Иҟалаз ахҭыс инамаданы ҩыџьа ма инареиҳаны ауааԥсыра рыԥсҭазаара ралҵра зыхҟьаз аҳаиртә транспорт ашәарҭадара аԥҟарақәа реилагаразы ашьаусҭҵаара хацыркуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0