Помпео Урыстәыла иҟазаараан Москваҟа днеиуам

© REUTERS / POOL ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Маик Помпео
 ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Маик Помпео - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩи Урыстәыла ахадеи реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп Шәача, лаҵара 14 рзы.

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Маик Помпео Москваҟа инеира мап ацәикит, аха Урыстәыла ахада Владимир Путини адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови дырԥылоит ишазыԥхьагәаҭаз еиԥш Шәача лаҵара 14 рзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Франс Пресс адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Амаҵзура адыррала Помпео ашәахьаҽны Бриуссельҟа днеираны дыҟоуп еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбаразы.

ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩи Урыстәыла ахадеи реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп Шәача, лаҵара 14 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0