Урыстәыла адырга зҭаху атауарқәа рсиа харҭәаауп

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАдырга зҭаху атауарқәа рсиа харҭәаауп
Адырга зҭаху атауарқәа рсиа харҭәаауп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атауарқәа адырганҵа рыҭара асистема аԥҵан 2017 шықәса рзы. Аоператорс иҟалеит атехнологиақәа рыҿиара Ацентр.

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра адырганҵа зҭаху атауарқәа рсиа арҭбааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ "Ведомости" адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Абри азы ақәҵара инапы аҵеиҩит Дмитри Медведев.

Адырганҵа зҭатәу атауарқәа ргәыԥ иаҵанакит:

Акәацлых, аԥсыӡлых;

Ахаатәы;

Абзазаратә техника;

Ахәыҷқәа рыфатә;

Аҵиаахәшақәа;

Абзазаратә химиа;

Акосметика;

Аџьбарра злам арыжәтә.

Аиҳабыра ари ажәалагала нанашьҭит Евразиатәи аекономикатә комиссиа ахеилак ахь. Иахьазы адырганҵа иаҵанакуеит аҭҭынлыхи ахәышәқәа рыхәҭаки. Зынӡа иазыԥхьагәаҭоуп атауарқәа ргәыԥ 21.

2024 шықәса рзы иаԥырҵараны иҟоуп атауарқәа рсиаҭбаа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0