Китаи EAA рганахьала аҭактә баџьқәа аланагалоит

CC0 / / Китаи абираҟ
Китаи абираҟ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изаамҭанытәиу ахәаахәҭра аганахьала америка-китаитәи аиҿцәажәарақәа ииасыз амчыбжь азы Вашингтон имҩаԥысит.

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Китаи Вашингтон китаитәи атауарқәа рганахьала иаланагалаз абаџьқәа рҭакс ЕАА ртауарқәа рганахьала аҭактә баџьқәа аланагалоит рашәара 1 инаркны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

2493 хьӡы ирыҵаркуа атауарқәа рсиа 25% рҟынӡа абаџь рықәҵахоит, 1078 тауархкы ирыҵаркуа - 20%, 974 тауархкы ирыҵаркуа - 10%, 595 тауархкы рахь уаанӡатәи абаџь, 5% шыҟац иаанхоит.

Америкеи Китаи рыбжьара ахәаахәҭратә еиҿагылара Урыстәылаз ифеидахар алшоит>>

ЕАА китаитәи атауарқәа атәылахь иаларгало рзы абаџь 10 инаркны 25% рҟынӡа ихаргалеит. ЕАА ахада Дональд Трамп адҵа ҟаиҵеит апроцесс хацыркызарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0