Абукмекерцәа "Евровидение" афаворитцәа рыхьӡ рҳәеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбукмекерцәа "Евровидение" афаворитцәа рыхьӡ рҳәеит
Абукмекерцәа Евровидение афаворитцәа рыхьӡ рҳәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еиндаҭлара "Евровидение" аҩбатәи афиналбжа мҩаԥысраны иҟоуп лаҵара 16 рзы Тель-Авив.

АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еиндаҭлара "Евровидение-2019" аҟны зегь раасҭа аиааиразы алшарақәа иманы ихәаԥшуеит Нидерланды аҟынтәи ашәаҳәаҩ Дункан Лоуренс (ашәа – Arcade) ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аҭыжьымҭа El Periódico адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Евровидение - Sputnik Аҧсны
"Евровидение-2019" Иерусалим имҩаԥгахоит

Абукмеикерцәа аҩбатәи аҭыԥ игоит ҳәа иазырыԥхьаӡоит Швециатәи ашәаҳәаҩ Џьон Лундвик (ашәа-TooLateforLove). Ахԥатәи аҭыԥ азы илацәажәоит Франциатәи ашәаҳәаҩ — Билал Ассани. Урыстәылатәи ашәаҳәаҩ Сергеи Лазарев (акомпозициа Scream) аԥшьбатәи аҭыԥ агоит ҳәа ахырҳәаауеит.

Аҩаша, Тель-Авив иалыркааит Евровидение афинал ахь инеиз жәаҩык ашәаҳәаҩцәа. Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еиндаҭлара "Евровидение" аҩбатәи афиналбжа мҩаԥысраны иҟоуп лаҵара 16 рзы Тель-Авив.

Иалкаау рыдагьы афиналбжахь инеиуеит аиндаҭлара ашьаҭаркыҩцәа-ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәеи адкылара зуа аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәеи: Израиль, Франциа, Германиа, Италиа, Испаниа, Великобританиа.

Аиндаҭлара амҩаԥгаҩцәа: израильтәи атоп-модель, ателемҩаԥгаҩы Бар Рафаели, ажурналист, арежиссер, ателемҩаԥгаҩы Big Brother Ерез Таль, асценарист Асси Азар, ажурналистка Лиуси Аиуб.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0