SputnikPro ажурналистцәа рзы асессиа мҩаԥнагеит

© SputnikSputnikPro провел в Москве очередную сессию для журналистов из стран СНГ и Балтии
SputnikPro провел в Москве очередную сессию для журналистов из стран СНГ и Балтии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрактикатә усурақәа раан ажурналистцәа алацәажәеит адунеитә информациатә ҵакыра аҿиара атенденциа хадақәа.

АҞӘА, лаҵара 16 –Sputnik. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Москва имҩаԥнагеит апроект SputnikPro изаамҭанытәиу асессиа ИАРи Балтиеи ртәылақәа рҟынтәи ажурналистцәа рзы. Апрограмма иалахәуп — агазеҭ "Hraparak" (Ермантәыла), "Гомельская праўда" (Беларусь), "Обзор" (Литва), ателеканалқәа Абаза ТВ (Аԥсны), "TV1.KG" (Кыргызстан), аинформациатә маҵзурақәа "Новости-Азербайджан"; ONA (Азербайджан), ателерадиокорпорациа "Казахстан" рхаҭарнакцәа.

© SputnikSputnikPro ажурналистцәа рзы асессиа мҩаԥнагеит
SputnikPro ажурналистцәа рзы асессиа мҩаԥнагеит - Sputnik Аҧсны
SputnikPro ажурналистцәа рзы асессиа мҩаԥнагеит

Арҵаратә проект аменеџьерцәеи аекспертцәеи алахәылацәа иднардырит Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik аҷыдарақәа, аконтент аԥҵашьа, аинтернет-аналитика аус адулашьа.

"SputnikPro — иуникалу проектуп, ҿыц ахԥышәара иалаго азанааҭуаа ажурналисттә усура аспектқәа дырдырреиԥш ридеиақәеи рԥышәаәқеи ахьеимырдаша аҭыԥгьы рнаҭоит. Апроект шықәсык иназынаԥшуа аус ауеит. Иахьазы иаҳбарҭоуп иара даара актуалра аҵаны ишыҟалаз абри аамҭала", - иҳәоит Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik аредактор хада лхаҭыԥуаҩ Андреи Благодыренко.

"Асеиԥш иҟоу апрограммақәа акыр ихәарҭоуп. Ҳара ҳгазеҭ ааигәа 102 шықәса ахыҵит аха ҳара иаҳҭахуп аамҭа ҳақәшәозарц. Уажәы ҳара асаит, арадио, асоциалтә ҳақәа, арбаратә контент русура еиҵаҳхуеит. Убри азы акыр аинтерес ҳзаҵоуп амультимедиатә форматқәа Sputnik аҿы аус шыруа", - лҳәоит "Гомельская праўда" ажурналист Анастасиа Лашкевич.

Арҵаратә программа SputnikPro – урыстәылатәи амедимениџьерцәеи АИХ рҟны аԥышәа ду змоу аҟазауааи имҩаԥырго аӡыргарақәеи амастер-классқәеи рсериоуп. Апрограмма иӡырнагоит ҳаамҭазтәи амультимедиатә информмаҵзурақәа русура атехнологиақәеи астандартқәеи.

© SputnikSputnikPro ажурналистцәа рзы асессиа мҩаԥнагеит
SputnikPro ажурналистцәа рзы асессиа мҩаԥнагеит - Sputnik Аҧсны
SputnikPro ажурналистцәа рзы асессиа мҩаԥнагеит

Раԥхьатәи амастер-классқәа рсериа мҩаԥысит Минск. Урыстәылатәи АИХ-қәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥыргоит асеиԥш иҟоу апрограмма. Мраҭашәаратәи АИХ-қәа ракәзар абри аус рнапы алакуижьҭеи акрааҵуеит.

Sputnik-и МИА "Россия Сегодниеи" рхаҭарнакцәа ажурналистцәа ирымардоит аинтерес зҵаны ирбо аԥышәа. Апрограмма SputnikPro аус ауеижьҭеи рҽаладырхәхьеит 80 рҟынӡа тәыла.

SputnikPro амастер-классқәа мҩаԥысхьеит: Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Бырзентәыла, Қырҭтәыла, Индиа, Киргизиа, Китае, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Естониа.

Sputnik (sputniknews.com) – Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik атәылақәа жәпакы рҟны амультимедиатә хабқәа амоуп.

Sputnik асаитқәа аус руеит 30 рҟынӡа бызшәа рыла. Ажәабжьтә лентақәа ракәзар, англыз, араб, акитаи, аиспан бызшәақәа рыла уахи-ҽни иҭыҵуеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0