ООН Идлиб аҭагылазаашьазы: еицәоу асценари ҳазыԥшуп

© AFP 2023 / MUHAMMAD HAJ KADOURСирия. Идлиб
Сирия. Идлиб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова уаанӡа аҳәамҭа ҟалҵахьан атеррористцәа Идлиб иҟоу Шьамтәыла ар ржәыларақәа ирҟәаҵуам ҳәа.

АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. ООН Шьамтәылаз агуманитартә зҵаарақәа рабжьагаҩ, ООН анашьҭҩы ҷыда Наджат Рошди аҳәамҭа ҟалҵеит Идлиб аҭагылазаара аицәахара иазыхиоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Идлиб аибашьра ҳазыԥшума? Сгәыӷуеит цәгьара ҟаларым ҳәа. Аха еиӷьу асценари ҳазыԥшуа еицәоу ҳҽазҳархиоит", - ҳәа лҳәоит Рошди.

ООН Шьамтәылаз агуманитартә зҵаарақәа рабжьагаҩ, ООН анашьҭҩы ҷыда Наджат Рошди лдыррақәа рыла ООН аамҭакала Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, ЕАА ирыҿцәажәоит Идлиб араион аҿы адеискалациазы аилибакааратә меморандум рақәшаҳаҭра еиҭашьақәдырӷәӷәарц.

"Аҭагылазаашьа аҽарцәгьоит. Арегион аҿы уи анырра ӷәӷәа ҟанаҵар алшоит", - лҳәоит Рошди.

Ииасыз амчыбжь азы атеррористцәа Алеппои Латакиеи аиланхарҭақәа рылахысра еиҭахацдыркит. Еиҭахацдыркит Шьамтәыла ар ахьгыло ажәыларақәа рымҩаԥгара. Атәыла архәҭақәагьы уи аҭакс абомбақәа рықәрыжьуеит атеррористтә гәыԥқәа "Джебхат ан-Нусра"* иртәу аҵәахырҭақәа, анаԥшратә ҭаԥқәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0