Нидерландқәа Евровидение-2019 аҿы аиааира ргеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕвровидение - 2019 аҟны иаиааиз Нидерландқәа рхаҭарнак Дункан Лоуренс
Евровидение - 2019 аҟны иаиааиз Нидерландқәа рхаҭарнак Дункан Лоуренс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Евровидение" анагӡаратә директор Ион Ола Санд апресс-конференциаҿы официалла ирылеиҳәеит 2020 шықәса рзы ари амузыкатә еицлабра Нидерландқәа рыҟны ишымҩаԥгахо.

АҞӘА, лаҵара 19 — Sputnik. Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еиндаҭлара Евровидение-2019 аҟны аиааира игеит Нидерландқәа рхаҭарнак Дункан Лоуренс (ашәа Arcade) ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Лоуренс ажиурии ахәаԥшцәеи рыбжьыҭира иалҵшәаны 492 балл иоуит. Аҩбатәи аҭыԥ игеит италиатәи ашәаҳәаҩ Mahmood - ашәа Soldi (465 балл), Сергеи Лазарев 369 балл иоуит, ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит.

"Сара иахьа ара сыҟазаара гәадура дуӡӡоуп. Насыԥ сыманы схы збоит", - иҳәеит Лоуренс ажурналистцәа дрыҿцәажәо.

Ашәаҳәаҩ Сергеи Лазарев дазааҭгылеит "Евровидение" аҿы Урыстәыла аԥыжәара аиура ишаԥырхагахалац ишаԥырхагахаз.

"Аполитика аус ари аҩыза аиндаҭлара иалаҟьашьымхароуп", - иҳәеит Лазарев, ажурналистцәа дрыҿцәажәо.

Иара убри аан иазгәеиҭеит ахәаԥшыҩцәа даара ибзианы дышрыдыркылаз.

Акомпозициа Scream назыгӡоз урыстәылатәи ашәаҳәаҩ Евровидение афиналбжаҿы иқәгылара Youtube-каналқәа рҿы зегь раасҭа ахәаԥшыҩцәа аман. Ҩымш рыла аролик иахәаԥшын 4,2 миллионынтә.

Аиндаҭлара афинал мҩаԥысит Тель-Авив. Еиндаҭлон 26 тәыла рхаҭарнакцәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0