Украина Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Вышински иаанкылара ахашшара иахәаԥшуеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРассмотрение жалобы на продление ареста К. Вышинскому
Рассмотрение жалобы на продление ареста К. Вышинскому - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 15 рзы иҵит шықәсык апортал "РИА Новости Украина" ахада Кирилл Вышински дҭакуижьҭеи.

АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik. РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински Украина Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь днаргеит ихашшара аус иахәаԥшырц ҳәа еиҭеиҳәоит идукат Андреи Домански. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Участники акции в поддержку Кирилла Вышинского у здания посольства Украины в Москве - Sputnik Аҧсны
Вышински идгылара акциа мҩаԥысит Москва

Украина Иреиҳаӡоу аӡбарҭа азеиԥш хашшааратә палата ашәахьаҽны Вышински идукат ишшыԥхьыӡ иахәаԥшраны иҟоуп.

"Аилатәара аамҭакала иаанкылан Вышински инагара иадҳәаланы. Сара срыҳәеит Кирилл дахьдыртәаз асаркьалых кабина рхы иамырхәакәа аилатәара мҩаԥыргарц. Аӡбаҩцәа аилацәажәаратә уадахь инеиит" - иҳәеит Домански.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Киевтәи аӡбарҭа Вышински иаанкылара аҿҳәара иацнаҵеит - Sputnik Аҧсны
Киевтәи аӡбарҭа Вышински иаанкылара аҿҳәара иацнаҵеит

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0