Ателеканал RT Халед аль-Хатыб ихьӡ зху аԥхьахә азы арзаҳалқәа рыдкылара аҿҳәара иацнаҵеит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраKhaled Alkhateb Memorial Awards анашьара
Khaled Alkhateb Memorial Awards анашьара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәыла иҭахаз ажурналист Халеде аль-Хатыб ихьӡ зху аԥхьахә агаразы аиндаҭлара 2019 шықәса рзы ҩынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи.

АҞӘА, рашәара 6 - Sputnik. Ателеканал RT Khaled Alkhateb Memorial Awards — аимак зонақәа рҿы аус зуа ажурналистцәа иранаршьо есышықәсатәи жәларбжьаратәи аԥхьахә азы арзаҳалқәа рыдкылара аҿҳәара рашәара 24 рҟынӡа инахеит.

Уажәнатә арзаҳалқәа аарышьҭхьеит жәабала атәылақәа рҟынтәи.

Халед аль-Хатыб ихьӡ зху аԥхьахә ранашьара мҩаԥысуеит х-номинациак рыла: "Аиҿагылара аҭыԥ аҟынтәи иреиӷьу аусумҭа: Авидео ау", "Аиҿагылара аҭыԥ аҟынтәи иреиӷьу аусумҭа: Авидео кьаҿ", "Аиҿагылара аҭыԥ аҟынтәи иреиӷьу аусумҭа: Атекст".

"Аԥхьахә арратә корреспондентцәа ишранаҳшьогьы, ари, раԥхьа иргыланы, аҭынчра иаԥхьахәуп. Арратә корреспондентгьы раԥхьа иргыланы ихықәку аибашьра иеицәоу ак шыҟам аарԥшроуп", - лҳәоит RT аредактор хада ихаҭыԥуаҩ Анна Белкина.

Аԥхьатәи ашықәс азы аԥхьахә ранашьан Ираки Шьамтәылеи ИГ* аналырца аҭагылазаашьа аазырԥшыз Ираки Ирландиеи рҟынтәи ажурналистцәа. Сингапуртәи ажурналист, Филиппинтәи ақалақь Марави атеррористцәа ианрымпыҵархалаз атәы зҩыз ахԥатәи аԥхьахә иҭан.

RT - Sputnik Аҧсны
RT ихацнаркит Халед аль-Хатыб иаԥхьахә аиуразы арзаҳалқәа рыдкылара

Сынтәа ажиури иалахәуп Ирада Зеиналова, Евгени Поддубныи реиԥш иҟоу еицырдыруа ажурналистцәа.

Аԥхьахә Khaled Alkhateb Memorial Awards аҟны аиааира згаз рыхьӡқәа рыларҳәоит ԥхынгәы 30 рзы — 25 шықәса зхыҵуаз RT Arabic ажурналист Халед аль-Хатыб данҭахаз аҽны.

Халед аль-Хатыб дҭахеит апровинциа Хомс аҿы 2017 шықәса рзы. Владимир Путин инапы аҵеиҩит Халед аль-Хатыб "Афырхаҵараз" амедал ианашьаразы Аусԥҟа. Амедал ажурналист иҭаацәа ирыҭан Khaled Alkhateb Memorial Awards актәи ацеремониа аан.

Арзаҳалқәа нашьҭызар алшоит абри асаит ахь: https://award.rt.com.

*"Исламское государство" - Урыстәылеи аҳәынҭқаррақәа жәпаки рыҟны итеррористтәуп ҳәа иазхаҵоу аиҿкаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0