Шьамтәыла ар израильтәи аракетатә жәылара аԥдырҟәҟәааит

© SANAШьамтәыла аракетатә ааха аиуит
Шьамтәыла аракетатә ааха аиуит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Израильтәи аруаа аамҭа-аамҭала шьамтәылатәи аобиектқәа ирылахысуеит.

АҞӘА, рашәара 12 – Sputnik. Шьамтәыла аҳауаҽацәыхьчаратә система апровинциа Дераа аҿы ахашауха Израиль имҩаԥнагаз аракетатә жәылара аԥнарҟәҟәааит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Шьамтәылатәи аканал Ikhbariya адыррақәа рыла, израильаа аҳаракыра Телль аль-Хара иалахысуан.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Израиль ракетала Шьамтәыла аҳаиртә баӷәаза иалахысит

Егьи шьамтәылатәи аканал Syria TV адыррақәа рыла, израильтәи ажәыларақәа шьамтәылатәи арадарқәа аԥырхага рырҭон.

"Израиль аракетатә жәылара ашьҭахь "аелектронтә еибашьра" мҩаԥнагеит: шьамтәылатәи арадарқәа аԥырхага рыҭан", - ҳәа аҳәоит аканал адырраҭараҿы.

Израильтәи аруаа аамҭа-аамҭала шьамтәылатәи аобиектқәа ирылахысуеит.

Убас, аракетатә жәылара мҩаԥган ииасыз амчыбжь азы. Усҟан Израиль аԥыза-министр Биниамин Нетаниаху уи зыхҟьо Иран Шьамтәыла аҽышьақәнамырхарц ауп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0