Пушков АИХ рызҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Вышински иус азы диҿцәажәеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАлексеи Пушков
Алексеи Пушков - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи асенатор Алексеи Пушков АИХ рызҵаарақәа ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир диҿцәажәеит апортал РИА Новости Украина аиҳабы Кирилл Вышински иус азы.

АҞӘА, рашәара 17 – Sputnik. Афедерациатә хеилак аинформациатә политиказs акомиссиа ахада Алексеи Пушков рашәара 17 рзы АИХ рганахьала ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир диҿцәажәеит.

"Уажәы Украина анапхгара рҽырыԥсахит. Иахәҭаны исыԥхьаӡоит аҿыц напхгара ажурналистцәа рзинқәа реилагара азҵаара азхьарԥштәуп ҳәа", - иҳәеит Пушков, РИА Новости аинтервиу аҭо.

Асенатор иазгәеиҭеит аицәажәараан Дезир даара иажәа раӡаны дышцәажәоз. Уи иаанаго "абри аусхк аҟны инацҵоу аҭакԥхықәра аҵагылара ахьиҭахым ауп", избанзар урыстәылатәи аган аума, ажурналистцәа жәларбжьаратәи Рассоциациа аума, иара Дезер ихаҭа иоума рҽазышәарақәа макьаназ илҵшәадоуп.

Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского в Киеве - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла ААР: Вышински ихақәиҭразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0