Шьамтәылатәи ПВО аҳауатә жәылара аԥнарҟәҟәааит

© AFP 2023 / Jack GuezИстребители F-15 ВВС Израиля. Архивное фото
Истребители F-15 ВВС Израиля. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Израиль арратә ҳаирпланқәа ргәыԥ уажәгьы Шьамтәыла иацәыхарамкәа Ливан аҩадатәи ақалақь Кисервен иахаԥраауеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 – Sputnik. Шьамтәыла аҳауаҽацәыхьчаратә системақәа Дамаски Хомси ақалақьқәа иахьрыҵаркуа израильтәи аҳаирпланқәа ржәылара аԥдырҟәҟәааит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аракетақәа хԥа ркажьра алшеит. Ажәылара мҩаԥган ашәахьауха, асааҭ 0:30 рзы.

Ливантәи ателеканал al-Mayadeen адыррала аԥжәарақәа уаҳауан Шьамтәылеи Ливан рҳәааҿы.

Иҭахеит ԥшьҩык ауааԥсыра. Урҭ руаӡәк дхәыҷуп. Ахәрақәа роуит 21-ҩык.

"Шьамтәыла аҳауаҽацәыхьчаратә системақәа Дамаски Хомси ақалақьқәа иахьрыҵаркуа израильтәи аҳаирпланқәа ржәылара аԥдырҟәҟәааит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Беирут аҳаиртә баӷәаза ахаҭарнак РИА Новости иазеиҭеиҳәеит израильтәи аҳаирпланқәа жәаба рҟынӡа ишынаӡоз.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0