Урыстәылатәи арежиссиор Америкатәи акиноакадемиа далахәылахеит

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасра71-й Каннский международный кинофестиваль. Премьера фильма "Айка"
71-й Каннский международный кинофестиваль. Премьера фильма Айка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Оскар" есышықәса ираназшьо Америкатәи акиноакадемиа иалахәылахеит 842-ҩык акино аусзуҩцәа 59 тәыла рҟынтәи.

АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Урыстәылатәи арежиссиор Сергеи Дворцевои Америкатәи акиноакадемиа далахәылахеит.

2019 шықәса рзы ажиури аилазаара иалахәхеит 842-ҩык акино аусзуҩцәа 59 тәыла рҟынтәи.

Арахь иаҵанакит: британиатәи актер Том Холланд ("Человек-паук: Возвращение домой", "Человек-паук: Вдали от дома"), ашәаҳәаҩ Леди Гага(ашәа "Shallow" акинофильм "Звезда родилась" аҟынтәи), актриса Елизабет Мосс (Кейт - асериал "Рассказ служанки") у.у.е..

Америкатәи академиа шьаҭаркын 1927 шықәса рзы. Акинематограф аҿы иреиҳау ҳәа ишьо аԥхьахә "Оскар" Академиа алахәылацәа рзеиԥш бжьыҭирала иранашьахоит акиноҟазара аусзуҩцәа.

Сергеи Дворцевои – акинорежиссер, аԥхьахә "Ника" алауреат, Каннтәи акинофестиваль алауреат, акинофильмқәа "Тюльпан", "Айк" равтор.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0