Аԥырыҩ дызҭам аҳаирплан Урыстәыла аҳәаа иахьаԥну аԥшыхәрақәа мҩаԥнагон

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасрааԥырыҩ дызҭам аҳаирплан
аԥырыҩ дызҭам аҳаирплан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиду аштатқәа рҳаиртә мчрақәа аԥырыҩ дызҭам аҳаирплан RQ-4A Global Hawk Калининградтәи аобласти Белоруссиеи рыбжьара ирбеит ԥхынгәы 2 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik. Еиду аштатқәа рҳаиртә мчрақәа аԥырыҩ дызҭам аҳаирплан RQ-4A Global Hawk Калининградтәи аобласти Белоруссиеи рыбжьара аԥшыхәратә хаԥраара мҩаԥнагон.

Арадар - Sputnik Аҧсны
Иагьубом, иагьуаҳауам: урыстәылатәи анџьнырцәа арадар ҿыц аԥырҵеит

Амониторингтә ресурс PlaneRadar адыррақәа рыла, америкатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирплан Италиа аҳаиртә баӷәазаҟынтә ишьҭыԥрааит. Асааҭ 18:50 рзы Калининградтәи аобласти Белоруссиеи рыбжьара ирбеит.

"Асааҭ 21:30 мск рзы аҳаиртә баӷәазахь ихынҳәит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Урыстәыла аҵакыра ааигәара асеиԥш иҟоу аҳаирплан-ԥшыхәцәа рбо иалагеит.

2018 шықәса иалагӡаны арадио-техникатә ар иҭарыԥшыхәхьеит 980 нызқь аппарат. Урҭ рҟынтәи х-нызқь рҟынӡа аҳаирплан-ԥшыхәцәа роуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0