Урыстәылатәи аниматорцәа ҩыџьа Америкатәи акиноакадемиа иалахәылацәахеит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Good Market"
Good Market - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Оскар" есышықәса ираназшьо Америкатәи акиноакадемиа иалахәылахеит 842-ҩык акино аусзуҩцәа 59 тәыла рҟынтәи.

АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Урыстәылатәи аниматорцәа ҩыџьа - Игорь Ковалиови Михаил Алдашини Америкатәи акиноакадемиа иалахәылацәахеит ҳәа аҳәоит акинематографистцәа реиҿкаара асаит аҿы.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла акинорежиссиор, аԥхьахә "Ника" алауреат, Каннтәи акинофестиваль алауреат, акинофильмқәа "Тюльпан", "Айк" равтор Сергеи Дворцевои Америкатәи акиноакадемиа далахәылахеит.

71-й Каннский международный кинофестиваль. Премьера фильма Айка - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи арежиссиор Америкатәи акиноакадемиа далахәылахеит

Михаил Ковалиов — "Союзмультфильм" акреативтә продиусер, астудиа "Пилот" ашьаҭаркыҩ. Сахьаҭыхыҩ-мультипликаторк иҳасаб ала аус рыдиулон "Пластилиновая ворона", "Приключения капитана Врунгеля", "Следствие ведут колобки".

Михаил Алдашин - арежиссиор-аниматор, "Про Ивана-дурака", "Охотник", "Рождество" иара иаԥҵамҭақәоуп.

2019 шықәса рзы ажиури аилазаара иалахәхеит 842-ҩык акино аусзуҩцәа 59 тәыла рҟынтәи.

Арахь иаҵанакит: британиатәи актиор Том Холланд ("Человек-паук: Возвращение домой", "Человек-паук: Вдали от дома"), ашәаҳәаҩ Леди Гага (ашәа "Shallow" акинофильм "Звезда родилась" аҟынтәи), актриса Елизабет Мосс (Кейт - асериал "Рассказ служанки") уҳәа убас егьырҭгьы.

Америкатәи академиа шьаҭаркын 1927 шықәса рзы. Акинематограф аҿы иреиҳау ҳәа ишьоу аԥхьахә "Оскар" Академиа алахәылацәа рзеиԥш бжьыҭирала иранашьахоит акиноҟазара аусзуҩцәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0