Шьамтәылатәи ахҵәацәа рыҩныҟақәа рахь агьежьра иаҿуп

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШьамтәылатәи ахҵәацәа
Шьамтәылатәи ахҵәацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит ҩ-нызқьҩык ахҵәацәа. Иара убасгьы уахыки-ҽнаки ирылагӡаны еиҭашьақәыргылоуп анхарҭа ҩнқәа ԥшьба, ааглыхратә наплакы, афымцастанциа маҷ.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟынтә Шьамтәылаҟа ихынҳәит ҩ-нызқьҩык ахҵәацәа.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылатәи арабтә республикахь ихынҳәит 1825–ҩык ахҵәацәа: Ливанынтә аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Джейдет-Ябус", "Телль-Калах" ирхысит 407-ҩык (аҳәса – 122, ахәыҷқәа – 207), Иорданиантә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Насиб" иахысит 1418-ҩык (аҳәса – 425, ахәыҷқәа – 723)", - аҳәоит адырраҭара.

Анџьныртә бригадақәа аминақәеи иԥжәо амаҭәашьарқәеи рҟынтәи идрыцқьеит 2,8 гектар адгьылҵакыра.

Шьамтәыла аиныршәара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аус зуа урыстәылатәи акомиссиа адыррақәа рыла уахыки-ҽнаки аҭынчратә режим бжьынтә еилаган.

Шьамтәыла аибашьра аанкылара арежим еилагоуп>>

Шьамтәыла аибашьра иалагеит 2011 шықәса рзы. Иахьазы ирылаҳәоуп атеррористә гәыԥ ИГ* ("Исламское государство") нырҵәоуп ҳәа.

Шықәсыбжак аҩнуҵҟа Шьамтәылаҟа ихынҳәит миллионбжак ауааԥсыра.

*Урыстәыла изакәаным ҳәа иԥхьаӡоу атеррористтә еиҿкаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0