Уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит зқьи хәышәҩык ахҵәацәа

© REUTERS / Ismail ZitounyУахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит зқьи хәышәҩык ахҵәацәа
Уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит зқьи хәышәҩык ахҵәацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит зқьи хәышәҩык рҟынӡа ахҵәацәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟынтә Шьамтәылаҟа ихынҳәит зқьи хәышәҩык ахҵәацәа. Урҭ рҟынтәи Ливанынтәи ихынҳәит 240-ҩык, Иорданиантәи – 1050-ҩык.

Шьамтәылатәи ахҵәацәа - Sputnik Аҧсны
Шьамтәылатәи ахҵәацәа рыҩныҟақәа рахь агьежьра иаҿуп

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылатәи арабтә республикахь ихынҳәит 1299–ҩык ахҵәацәа: Ливанынтә аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Джейдет-Ябус", "Телль-Калах" ирхысит 243-ҩык (аҳәса – 73, ахәыҷқәа – 123), Иорданиантә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Насиб" иахысит 1050-ҩык (аҳәса – 317, ахәыҷқәа – 539)", - аҳәоит адырраҭара.

Анџьныртә бригадақәа аминақәеи иԥжәо амаҭәашьарқәеи рҟынтәи идрыцқьеит 2,6 гектар адгьылҵакыра аиланхарҭақәа Џьасим, Ель-Харра (апровинциа Дераа), Дума (апровинциа Дамаск) рҟны.

Иара убасгьы уахыки-ҽнаки ирылагӡаны еиҭашьақәыргылоуп анхарҭа ҩнқәа ԥшьба.

Шьамтәыла аиныршәара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аус зуа урыстәылатәи акомиссиа адыррақәа рыла уахыки-ҽнаки аҭынчратә режим бжьынтә еилаган.

Шьамтәыла аибашьра иалагеит 2011 шықәса рзы. Иахьазы ирылаҳәоуп атеррористә гәыԥ ИГ* ("Исламское государство") нырҵәоуп ҳәа.

Шықәсыбжак аҩнуҵҟа Шьамтәылаҟа ихынҳәит миллионбжак ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0