Москватәи аҳәынҭқарратә университет иреиӷьу аҵараиурҭақәа рреитинг иаҵанакит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМоскватәи аҳәынҭқарратә университет
Москватәи аҳәынҭқарратә университет - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иреиӷьу аҵараиурҭақәа рышьақәыргыларазы азҵаара-ҭҵаарақәа мҩаԥган адунеи абызшәақәа 15 рыла, 138 тәыла рҟынтәи 10 000-ҩык аҵарауаа иразҵаан.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 — Sputnik. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет 38-тәи аҭыԥ нкыланы иреиӷьу аҵараиурҭақәа 40 ирылахәхеит World Reputation Rankings 2019 Times Higher Education (THE) ареитинг ала ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Москватәи аҳәынҭқарратә университет аректор Виктор Садовничи иажәақәа рыла аҵараиурҭа абри ареитинг иахьаҵанакыз еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусура шьахә имҩаԥырго ауп.

Есышықәса жәаҩыла Аԥсны ашколқәа роушьҭымҭацәа иреиӷьу урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы ироуа аквотақәа рыла хәыда-ԥсада аҵараҵаразы уахь рхы дырхоит.

Иреиӷьу ралкаара рҽазыршәоит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра. Иара анапхгаҩы Вадим Чеха иажәақәа рыла 2016 шықәса раахыс Аԥсны иазоужьхахьеит 450 квота.

Аиҳарак аквотақәа ирыҵаркуеит абарҭ ахырхарҭақәа: амашьынаҟаҵара, аенергетика, биотехнологиақәа, аиҵарак – аҟазараҭҵаара, акультурологиа, алингвистика, алитературадырра.

Ажәабжьқәа зегьы
0