Зеленски: Киев Кирилл Вышинскии Олег Сенцови реиҭныԥсахлара иазыхиоуп

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКирилл Вышинскии
Кирилл Вышинскии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Москва Киев ажәадгала азыҟанаҵеит - апортал РИА Новости Украина аиҳабы Кирилл Вышински гәыҭбааратә шьаҿак аҳасаб ала ихы дақәиҭтәызарц. Сенцов иӡбахә абри аан иҳәамызт. Кремль урҭ рхарара еиваҟәалоит ҳәа иазырыԥхьаӡаӡом.

АҞӘА, ԥхынгәы 19— Sputnik. Украина ахада Владимир Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит Киев апортал РИА Новости Украина аиҳабы Кирилл Вышински Урыстәыла атеракт азырхиаразы иҭаку Олег Сенцови реиҭныԥсахлара ишазыхио азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
ОБСЕ: Украина ахадарахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Вышински ихы дақәиҭтәызарц

"Вышински дышәҭахызар дшәаҳҭоит, Сенцов дҳазшәырхынҳә", - иҳәеит Зеленски ателеканал "112. Украина" аефир аҿы.

Зеленски игәаанагарала Вышинскии Сенцови реиҭныԥсахлара "гәыҭбааратә шьаҿоуп".

Вышински идукат иҳәеит асеиԥш аицәажәара азакәаншьаҭа аманы иҟазар ауп ҳәа. Вышинскии Сенцови рус ахылаԥшра арҭоит Урыстәылеи Украинеи ромбудсменцәа Татиана Москальковаи Лиудмила Денисоваи.

Олег Сенцов Урыстәыла иус ӡбаны 20 шықәса аколониаҿ ихигаразы иқәҵан Ҟрым аҭыԥ змаз атеррористтә актқәа дреиҿкааҩуп ҳәа ахара идҵаны. Иара Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа дааныркылеит Симферополь, Севастополь, иалта атеракт аззырхиоз адиверсиатә гәыԥ "Правыи сектор" далакны.

Киев Москва ажәадгала анаҭеит ажурналист, апортал РИА Новости Украина аиҳабы Кирилл Вышинскии Урыстәыла атеракт азырхиаразы иҭаку Олег Сенцови еиҭныԥсахлазарц азы.

"Атәыла ахада иофис аҿы азхьаԥшра арҭеит Москва иҟанаҵаз ажәадгала - апортал РИА Новости Украина аиҳабы Кирилл Вышински гәыҭбааратә шьаҿак аҳасаб ала ихы дақәиҭтәызарц. Уи аҭакс ҳаргьы аҭактә шьаҿа аҟаҵара ҳаҳәоит - Олег Сенцов ихы дақәиҭтәызарц. Иазаҳаԥхьаӡоит аамҭак ала арҭ ашьаҿақәа реицҟаҵара хра аиуеит ҳәа", - лыҩуеит Facebook аҿы Украина ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Иулиа Мендель.

Кирилл Вышинский - Sputnik Аҧсны
Вышински иус ахәаԥшра ахыргеит

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

2019 шықәса мшаԥымзазы 250-ҩык ажурналистцәа Украина ахада ҿыц Владимир Зеленски ашәҟәы изынарышьҭит ажурналист ихы дақәиҭитәразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0