Western Union аҳәаанырцәҟа аԥараиагара аԥсахрақәа аланагалеит

© Sputnik / Александр Демьянчук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраWestern Union
Western Union - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥарашәаратә система Western Union ԥхынгәы 22 инаркны 600 нызқь мааҭ еиҳаны мызкы ахы-аҵыхәала Урыстәылантәи даҽа тәылак ахь аԥара аиагара ҟалом.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Аԥарашәаратә система Western Union ԥхынгәы 22 инаркны, ҿыц ишьақәыргылоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны, 600 нызқь мааҭ еиҳаны мызкы ахы-аҵыхәала даҽа тәылак ахь аԥара аиагара ҟалом. Абри атәы аанацҳауеит аилахәыра асаит.

Арахь иаҵанакуам атәылақәа: Ҟазахстан, Кыргызстан, Китаи, Виетнам. Арҭ атәылақәа рганахьала мшаԥымза инаркны иаларгалахьан аиҭакрақәа: ишьақәыргылан 100 нызқь мааҭ еиҳаны аԥараиагара ҟалом ҳәа арҭ атәылақәа рзы.

Арҭ аԥкрақәа алагалоуп атерроризм аԥаразоужьреи аԥара аҿыӡәӡәаареи раԥырҟәҟәааразы ҳәа азгәарҭоит аилахәыраҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0